Иахьа, абҵара ҩажәи фба рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдыркылеижьҭеи ҩеижәижәаба шықәса ҵит.
1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз Аҳәынҭқарра Азакәан Хада аҳәынҭқарратә ҟазшьеи асуверенитети рырӷәӷәараҿы ароль ду нанагӡеит.
Адокумент аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверентә, адемократиатә, азинтә ҳәынҭқарра акәны ишыҟоу, ҭоурыхла ажәлар ахалахатәҳәаақәҵара азин шрымоу шьақәнарӷәӷәеит. Аконституциа ирыланаҳәеит аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә, анагӡаратә, аӡбарҭатә усхкқәа реиҟәыҭхара; ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи хәдықәҵас рзыҟалара.
Аконституциа ҳҳәынҭқарра иашьаҭа ӷәӷәоуп, атәыла апрогрессивтә ҿиаразы игәрагоу гарантуп.
Азакәан хада шьаҭас иҟаҵаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи иареи реизыҟазаашьақәа рырҿиареи жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаареи иаҿуп.