Аԥсны азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Никарагуа иҟаҵаразы Аслан Бжьаниа адҵа инапы аҵеиҩит

Аԥсны азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Никарагуа иҟаҵаразы Аслан Бжьаниа адҵа инапы аҵеиҩит
20 December 2021 357

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 17, 2021 шықәсазтәи идҵала Инар Ладариа Аԥсны азинмчра нагӡа змоуи иҷыдалатәуи ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп Никарагуа.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 53, апункт 8 инақәыршәаны Ладариа Инар Игор-иԥа Аԥсны азинмчра нагӡа змоуи иҷыдалатәуи ацҳаражәҳәаҩыс Ареспублика Никарагуа дҟаҵазааит» ҳәа аҳәоит ахада идокумент.

Никарагуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 4, 2008 шықәсазы. Шықәсык ашьҭахь атәылақәа рыҩба адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.

Никарагуа Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аартхоит 2022 шықәсазы. Адипмиссиа аартразы адҵа анапы аҵаҩуп 2021 шықәса абҵарамзазы.



Инар Игор-иԥа Ладариа диит 1989 шықәса абҵара 10 азы, Гәдоуҭа. 

2007 шықәсазы разны медалла далгеит Аҟәатәи абжьаратә школ №1.

2012 шықәсазы далгеит Белоруссиатәи Аҳәынҭқарратә университет жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакультет.

2014 шықәсазы далгеит Урыстәыла ахада иҿы иҟоу РАНХиГС аспирантура.

2018 шықәсазы Урыстәыла ААР Адипломатиатә Академиаҿ аҟазара ацҵаратә курсқәадырхысит «Англыз бызшәа» апрограммала.

2014 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аппарат хада аусзуҩыс дыҟоуп, аус иуан аинформациатә Департамент ареферентс; Латынтәи Америкеи, Азиеи, АТР атәылақәеи Рдепартамент ареферент еиҳабыс; Аԥсны ААР аҿы иаԥҵоу адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ.

2017 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа анапхгаҩыс дыҟан Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аҿари астудентцәеи Адунеизегьтәи Рфестиваль аҿы.

Ианашьоуп: Аԥсны ААР аҳаҭыртә шәҟәы; Урыстәыла ахада иаҳаҭыртә шәҟәи агәаларшәагатә медали 2017 шықәсазы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аҿари астудентцәеи Адунеизегьтәи Рфестиваль аҿы илагала дуқәа рзы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: