Ԥхынҷкәын 14 – Аԥсны аҭоурых аҿы еиҳа ирыцҳароу арыцхәқәа ируакуп. Аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы ари амш аиааира амш аиԥш иԥшьоуп.
29 шықәса раԥхьа, 1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 аҽны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар иҭадырхеит амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтә Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа аазгоз аверталиот. Иҭахеит 80-ҩык, аиҳараҩык аҳәса, ахәыҷқәа, абыргцәа.
Абри алахьеиқәҵаратә мшы азы иаҳгәалаҳаршәоит иҭахаз, ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит ргәакьацәа. Хашҭра рықәымзааит наӡаӡа.