Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҭрышба Кавказ Камиль иԥсҭазаара иалҵра инамаданы агәалсра ду аанарԥшуеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа  рминистрра Аҭрышба Кавказ Камиль иԥсҭазаара иалҵра инамаданы агәалсра ду аанарԥшуеит
15 December 2024 121
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа  рминистрра  адипломат, аԥсадгьыл атәылауаҩ, апатриот, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи  Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз Аҭрышба Кавказ Камиль иԥсҭазаара иалҵра инамаданы агәалсра ду аанарԥшуеит.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Каваз Аҭрышба амца зхақьоуқьадуаз иабацәа рыдгьыл Аԥсны ахьчаразы даауеит. Хаҭала Аԥсны ар ркомандаҟаҵаҩ Хада Владислав Арӡынба инапаҵаҟа иҟаз, ирццаку аҭакҟаҵаратә ҟәша далахәны  деибашьуан.

Аибашьра анеилга ашьҭахь Кавказ Аҭрышба Аԥсны даанхеит. 1995 шықәсанӡа Владислав Арӡынба ихьчараз ашәарҭадаратә ҟәшаҿы аус иуан.

2021 шықәса мшаԥымза инаркны Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы змоу Ахаҭарнакраҿы аус иуан, хышықәса рыҩныҵҟа аҭакԥхықәра аарԥшуа иԥсадгьыл аинтересқәа ихьчон.

Кавказ Аҭрышба наунагӡа ҳгәалашәараҿы даанхоит згәы еиҭамԥоз, ифырхаҵаз,  игәымшәаз еибашьҩык иаҳасаб ала. Иаамҭамкәа иԥсҭазаара иалҵра ҳреспублика зегьы азы цәыӡ дууп, иаахоуп.

Наунагӡа ҳгәалашәара далазаауеит.  Иихьчоз, зымаҵ иуаз иџьынџьдгьыл Аԥснаҿы ахааназ  ихьӡ хашҭра ақәымкәа иаанхоит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: