Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адипломатиатә усзуҩы Имш инамаданы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥгаз аныҳәатә дкылара ихы алаирхәит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адипломатиатә усзуҩы Имш инамаданы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥгаз аныҳәатә дкылара ихы алаирхәит
10 February 2026 42

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адипломатиатә усзуҩы Имш инамаданы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥгаз аныҳәатә дкылара ихы алаирхәит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр 2013 шықәса цәыббрамзазы Аҟәа иҭахаз, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ Дмитри Вишерниови уи иԥшәмаԥҳәыс Ольгеи игәалаиршәеит.

Олег Барцыц Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа адипломатиатә усзуҩы Имш рыдиныҳәалеит.

«Зегь раԥхьа иргыланы исҭахуп ари акрызҵазкуа амш, урыстәылатәи адипломатиа азанааҭтә ныҳәа Амш аҽны, исҳәарц – Аԥсны аҳәынҭқарраҿ аԥсҭазаареи, азхаҵареи, жәларбжьаратәи аусеицуреи, аҿиареи рзы урыстәылатәи адипломатиа инанагӡо ароль хада атәы. Ари, ҳреспубликаҿы имҩаԥысуа апроцессқәа, астратегиатә еидгылара, апартниорра, аиҩызара, даара игәцаракны рызнеира иаҿырԥш иашаҵәҟьоуп.

Ҳара, урыстәылатәи ҳпартниорцәа, ҳадгылаҩцәа, Сергеи Виктор - иԥа Лавров зхадараҿы дыҟоу Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа, аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Александр-иԥа Шургалин ари апартниорразы, аидгылареи аиҩызареи рдоуҳазы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит», ҳәа азгәеиҭеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: