Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ақәҵара «Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ауааԥсыреи ралалареи ралҵреи рзы аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи ргәаҭаразы аексперимент амҩаԥгаразы» амчра аиура иазку абрифинг алахәхаразы

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ақәҵара «Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ауааԥсыреи ралалареи ралҵреи рзы аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи ргәаҭаразы аексперимент амҩаԥгаразы» амчра аиура иазку абрифинг алахәхаразы
27 June 2025 233

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганбеи аконсултә Департамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Роман Цымцбеи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ақәҵара № 1510 (07.11.2024ш.) «Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ауааԥсыреи ралалареи ралҵреи рзы аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи ргәаҭаразы аексперимент амҩаԥгаразы» амчра аиура иазку, авидеоконференциа аформат ала 80 ҳәынҭқарреи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа алархәны Урыстәыла ацифра аминистрра еиҿнакааз абрифинг рхы аладырхәит.

Ацифра аминистрра ахаҭарнакцәа даҽазныкгьы иазгәарҭеит аексперимент хатәгәаԥхарала ишымҩаԥысуа, насгьы ацҵа ruID аҟазшьала ихарҭәаау арзаҳал аҟамзаара Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаахь аҭалара ишаԥырхагамхо.

Убри аан, Урыстәылатәи аган абрифинг алахәылацәа азхьанарԥшит аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы ацҵа «Аҳәынҭқарратә маҵзурақәа» аиԥш зеиԥшу ацҵа ruID ахархәара хра шалоу.

Хаҭала:

•Аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ ицифратә профиль аԥҵара;

•Аҳәынҭқарратә маҵзурақәа риуразы административтә ԥынгылақәа рырмаҷра;

•Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аиҿкаарақәеи зегьы електронтә формала рыҽрымадара, хатәгәаԥхаралатәи агәабзиаратә ашәахтә полис аиуреи ахалаусызкҩык иҳасаб ала аҽҭаҩреи уахь иналаҵаны;

•Хыхь иаагоу адыррақәа инарықәыршәаны, СНИЛС автоматла ашәҟәҭагалара;

•Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырахь аҭаларазы аԥкрақәа ыҟоу-иҟаму заанаҵ ргәаҭара алыршара.

Авидеоконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа аԥсуа ган азы актуалра зҵоу азҵаарақәа жәпакы ықәдыргылеит, ҷыдала, ахԥатәи атәылақәа ртәылауаа Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа рахысраан иҟалар зылшо аԥкырақәа ирызкни иара убасгьы УА алаларазы онлаин-рзаҳал ахарҭәаара арыцхә аноурылара иазкни.

Урыстәылатәи аган аҭак аҿы аԥсуа ган ахшыҩзышьҭра арҭеит, хыхь зыӡбахә ҳәоу ақәҵара ала иалагалоу аексперимент хатәгәаԥхарала ишымҩаԥысуа, аҳәаанырцәтәи атәылауаа, ахԥатәи атәылақәа ртәылауаагьы уахь иналаҵаны, рныҟәарақәа рзы ԥкыра шазыҟанамҵо. Аҳәаанырцәтәи атәылауаҩихаирҭәаауа арзаҳал амч амоуп 90 мшы рыҩныҵҟа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра даҽазныкгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа азхьанарԥшуеит Урыстәылеи Аԥсни рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра арежим аҽшамԥсахыз.

Абрифинг аиҿкааразы Урыстәылатәи аган ҭабуп ҳәа рарҳәоит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: