Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысуаз анапынҵа ҷыдақәа змаз АдәАР ацҳаражәҳәаҩ, I акласс змаз абжьгаҩ, ААУ жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ркафедра арҵаҩы Адгәыр Чегьиа изкыз ахәылԥаз рҽаладырхәит.
Ахәылԥаз аҟны астудентцәа аԥхьон Адгәыр иажәеинраалақәа.
Ирацәан Адгәыр изкыз ажәа ҟәандақәа.
Ахәылԥаз амодератор – афилологиатә ҭҵаарақәа рдоктор, ажурналистика акафедра апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Адгәыр Чегьиа АдәА рминистрраҿы еиуеиԥшым аҭыԥқәа никылон.
Иқәгылоз зегьы еицҿакны ирҳәоз иуаҩышьа, игәаартра, идырра рыӡбахә акәын.