Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи акоординациатә еилацәажәара мҩаԥыргеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи акоординациатә еилацәажәара мҩаԥыргеит
12 December 2025 94

2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 12 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрраҿы адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи акоординациатә еилацәажәара мҩаԥыргеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Арбџьармчқәа Рштаб Хада аиҳабы, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Владимир Савченко, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аматериал-техникатә усбарҭа анапхгаҩы Нодар Аҩӡба, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адепартаментқәа рхадацәа.

Аиԥылараан, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩрагьы змоу, ҷыдала еиуеиԥшым Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рырратә шәҟәҭагалара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәан.

Аганқәа уи аӡбаразы иҟалар зылшо амҩақәа ирылацәажәеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: