Аҳаҭыртә хьӡы «Адипломатиатә маҵзура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» анашьара мҩаԥысит

Аҳаҭыртә  хьӡы «Адипломатиатә маҵзура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» анашьара мҩаԥысит
15 May 2026 41

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны «Адипломатиатә маҵзура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа рыхҵара мҩаԥысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадри Гәынба Иусԥҟақәа ртекстқәа дрыԥхьеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба.

"Адипломатиатә маҵзура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа ахьӡ рыхҵоуп адипломатиатә маҵзура аусзуҩ:

1. Ахба Игор Мураҭ-иԥа;

2. Шамба Сергеи Мирон-иԥа;

3. Гәаџьаа Заур Константин-иԥа;

4. Мерцхәылаа Лариса Шьалуа-иԥҳа;

5. Ҷкадуа Стелла Шьоҭа-иԥҳа;

6. Ҭаркьыл Мартин Рауль-иԥа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: