2025 шықәса абҵарамза 17 азы жәларбжьаратәи афестиваль "RТ.Док: Ҳфырхацәа раамҭа" аартра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәеи астудентцәеи рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ихы алаирхәит.
Ацеремониа ихы алаирхәит Киевтәи арежим ацәгьоурақәа рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Родион Мирошникгьы.