Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц адипломатиатә усзуҩы Имш идиныҳәалеит

Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц адипломатиатә усзуҩы Имш идиныҳәалеит
15 May 2026 44

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц идиныҳәалеит адипломатиатә усзуҩ Имш.

Адныҳәаларатә шәҟәы Даԥхьеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкны имҩаԥгаз аныҳәатә еилатәараҿы.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

"Напхгара зышәҭо аминистрра ашьақәгылара имариамыз амҩа ианысит, иахьа ареспублика аҳәаанырцәтәи аимадарақәа рыҿиареи арегион аҿы аҭышәынтәалара ахьчареи рзы акрызҵазкуа ауснагӡатәқәа активла иаӡбоит.

Гәахәарыла иазгәаҳҭоит Аԥсадгьыл аинтересқәа рымаҵ зуа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ҩаӡара ҳаракқәа.

Аҵак ду аҳҭоит урыстәыла-аԥснытәи еиҩызара арӷәӷәареи ареспублика жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа арӷәӷәареи иацхраауа ҳминистррақәеи аҳәаанырцәтәи ахаҭарнакрақәеи рыбжьара адәныҟаполитикатә еинырра ӷәӷәа».

Михаил Галузин Олег Барцыци аԥсуа дипломатцәа зегьи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, аусураҿы ақәҿиара ҿыцқәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: