Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа
3 October 2024 333

Иацы Израиль АҲМ Голантәи аҳаракырақәа рганахь ала Дамаск, Мезе араион аҿы иҟоу анхарҭатә хыбра иажәлеит. Ари араион аҿы Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭагьы налаҵаны, еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рдипломаттә миссиақәа ыҟоуп. Хҩык ауаа ҭахеит, хҩык– ироуит ахәрақәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ӷәӷәала иақәыӡбоит Израиль арбџьармчқәа Шьамтәыла аҳҭнықалақь атәылауааи аграждантә инфраструктуреи рықәлара. Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа жәларбжьаратәи агуманитартә зин иаҵанакӡом, рыҟалашьа рымам, убри аҟнытә иаразнак иаанкылатәуп.

Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, ари акт аҭынчра алзыршо алҵшәақәа шаанамго, Мрагылара Ааигәа арегион аҿы амҽхак ду змоу аибашьра еиҳагьы ишааигәанатәуа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: