Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәамҭа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәамҭа
8 April 2026 79

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Ареспублика Даӷьсҭан иҟалаз аӡхыҵрақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа инарымаданы гәалсра дула ирыдышшылоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны гәалсра дула ирыдыркылеит ауаҩытәыҩсатә ԥсыҭбарақәа, хыԥхьаӡара рацәала аахамазаарақәа, Махачкала, Дербент, Каспииск уҳәа араионқәа жәпакы рҿы анхарҭатә ҩнқәеи аинфраструктура аобиектқәеи рыбгара иазку ажәабжьқәа. Аномалтә қәаршыҩқәа ирыхҟьаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа зықьҩыла ауаа ирхьысит, аҭаацәарақәа жәпакы хыҵакырҭада иаанрыжьит.

Ари аамҭа хьанҭа аан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Даӷьсҭан аиашьаратә жәлар ишрылгыло, иҭахаз рҭаацәарақәа рцәыӡи рхьааи шрыцеиҩнашо азгәанаҭоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада инапынҵала, Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрреи егьырҭ апрофильтә усбарҭақәеи реиныррала, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра оперативла ацхыраарала Даӷьсҭанҟа агуманитартә еидара нашьҭын.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Даӷьсҭан ажәлар ишрыдгыло аарԥшуа, амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа риааиразы аҽазышәарақәа реидкылара аҵак ду шамоу азгәанаҭоит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: