Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ианаҭаз ахҳәаа

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ианаҭаз ахҳәаа
7 April 2025 117

Қырҭтәыла аҵакыра аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирзааҭгыло Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа аҭакс, иазгәаҳҭоит, Қырҭтәыла анапхгара иҟанаҵо аҳәамҭақәа ишаадырԥшуа иҟоу аҭагылазаашьақәа ирықәымшәо ажәытә знеишьақәа рыцәхьаҵра шырҭахым.

Аԥсны Аҳәынҭқарра зхы иақәиҭу, ажәлар ргәазыҳәара аарԥшра инақәыршәаны зхьыԥшымратә статус шьақәзыргылаз ҳәынҭқарроуп. Қырҭтәылеи ҳареи аринахысгьы ҳаицынхара алыршахоит агәылареимабзиареи аҳаҭыреиқәҵареи рышьаҭала мацара.

Аҵакыратә акзаара аиҭашьақәыргылара иазку адекларациақәа рҭыԥан, ҳара иаҳҭахуп аконструктивтә диалог агәазыҳәара амазаара, насгьы аҭынчреи аҩ-ганк рзы ихәарҭоу аизыҟазаашьақәеи раԥҵара алзыршо акомпромиссқәа рыԥшаара. Аԥсуа ган Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахархәара мап ацәкразы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара, иара убасгьы акоммуникациақәа раартра иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәаразы изныкымкәа ааԥхьара ҟанаҵахьеит, иахьагьы уи иазаартуп. Уи, хымԥада, арегион аҿы аҭышәынтәалара ашьақәгылара иацхраауа усуп.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: