Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиҿцәажәарақәа рышьҭахь иҟаиҵаз ахҳәаа

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиҿцәажәарақәа рышьҭахь иҟаиҵаз ахҳәаа
9 June 2025 58

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиҿцәажәарақәа рышьҭахь иҟаиҵаз ахҳәаа:

Москва сыҟазаара алҵшәақәа даара хра злоу, ихәарҭоу ҳәа ахәшьара рысҭоит. Сара сҩыза, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Виктор-иԥа Лаврови сареи даара аинтерес зҵоу, агәыхыҭхыҭра зныԥшуаз аиҿцәажәара мҩаԥаагеит, ҳара ҳалацәажәеит иахьазы аиззааҭгылатәу аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылашьа ду, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицуразы даара акыр зҵазкуа азҵаарақәа, аусбарҭабжьаратә еиныррақәа.


Насгьы зегьы ирыцку, даҽазныкгьы иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзы даара акрызҵазкуа азҵаарақәа жәпакы. Ҳара ҳрылацәажәеит аконсултә усеицура азҵаарақәа, хазы ҳалацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра иахылҿиааз алкаақәа – ҩ-тәылауаҩрак амазаара азҵаарақәа рыӡбара, ҳтәылауаа, еиҳаракгьы аҿар ргәы иҵхо азҵаарақәа. Адәныҟатәи аусқәа рминистр изыхәҭоу аусбарҭақәа урҭ аус рыдуыларазы адҵақәа риҭеит.

Ҳделегациа активла аус ауеит, даара рхы ақәкны аус руеит. Адәныҟатәи аусқәа рминистрра еиуеиԥшым аҟәшақәа рҿы аконсультациақәа мҩаԥысуеит. Урҭ анаҩсҟагьы ирыцҵахоит. Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи иҳабжьоу аусеицура ахырхарҭақәа зегьы рыла аринахысгьы аконструктивтә усеицура мҩаԥаҳгалап ҳәа агәыӷра сымоуп.

Жәаҳәарада, ҳаиҿцәажәарақәа рыхәҭак ашәарҭадара азҵаарақәа, Аахыҵ-Кавкази Мрагыларахьтәи Амшын Еиқәа арегиони рҿы ашәарҭадара иааизакны аконтур аиқәырхара ирызкын.

Ашәарҭадара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан. Женеватәи аконсультациақәа рҿы Урыстәылеи ҳареи ҳусеицура аформатгьы ҳалацәажәеит, урҭ ҳҳәынҭқарра азы аҵак ду рымоуп.

Уи адагьы, жәаҳәарада, урҭ ҳрылацәажәеит асоциал-економикатә усеицура, иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҿы активла иӡырырго, аҿиара зауа апроектқәа.

Агәра ганы сыҟоуп, свизит аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоу азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәап, урҭ рыӡбаразы реиҳа икьаҿу, реиҳа ихадоу амҩақәа рзыҳаԥшаап ҳәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: