Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәамҭа

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәамҭа
20 March 2025 78

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аҟәа ақалақьи рыхьӡала Европа иқәгылалоу ақырҭуа рҿиаратә коллективқәа ирызкны аамҭа-аамҭала аинформациа цәырҵуеит. Ҷыдала араҟа зыӡбахә ҳҳәо "Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә академиатә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль "Aphkhazeti", ахор "Shavnabada", "Сохумтәи адраматә театр" ("Sokhumi Drama Theatre) уҳәа убас егьырҭгьы роуп.

Ҳара иазгәаҳҭарц ҳҭахуп – ари Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аҭахкаара иазырхоу, иаахтны амцҳәареи идырны иҟаҵоу адезинформациеи рыда даҽакы шакәым.

Даҽазныкгьы иазгәаҳҭарц ҳҭахуп ас еиԥш иҟоу аколлективқәа Аԥсны Аҳәынҭқарреи дареи иарбанызаалак еизыҟазаашьак шрымамыз, иахьагьы ишрымам.

Асеиԥш иҟоу ақәгыларақәеи иара убасгьы, Аԥснытәи арҿиаратә коллективқәа еиуеиԥшым астандартақәа ирхырҟьаны Европа атәылақәа рҿы рықәгыларақәа рымҩаԥгара ахьрылымшои аԥсуа культурахаҭа аԥыхра, адунеи атәылақәа рҿы зыхьӡ наҩхьоу, иналукааша ахаҭарнакцәа злыҵхьо ҳажәлар рҭоурых ҿыц аиҭаҩра аҽазышәара ахкқәа иреиуоуп ауп иаанаго. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аус руеит хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә рҿиаратә коллективқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаԥсазтәыз аҳәынҭқарратә ансамбль. Аха, ари аколлектив Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә тәылауаҩшәҟәқәа рыла агастрольқәа рымҩаԥгара алшом. Абас ала, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рхы иақәиҭны аныҟәаразы ирымоу рзин хада еилагоуп.

Абас ала, ажәа ахақәиҭра ахьшьақәырӷәӷәоу, адемократиа ҩнаҭаны иахьамоу ҳәа иԥхьаӡо Европаҿы ииашаҵәҟьаны, акыр ҵуеит акультуреи аспорти рҿы аполитика аҽаламгалара апринцип еиларгоижьҭеи.

Аԥсуа ган ари азҵаара аринахысгьы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа рымшхәаԥштә аҿы иқәнаргылалоит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: