Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Латинтәи Америка Адепартамент анапхгаҩы Александр Шьчетинини реиԥылара мҩаԥысит.
Олег Барцыци Александр Шьчетинини аҩганк зызҿлымҳау азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Ахәҭакахьала, Аԥсни Латинтәи Америка атәылақәеи русеицура аҿиараз алшарақәа ирылацәажәеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Аԥсни Латинтәи Америка атәылақәеи рыбжьара аимадара аринахысгьы арӷәӷәареи аиҿцәажәарақәа рырҭбаареи еизҳап ҳәа агәыӷра шимоу азгәеиҭеит.
