Ажәабжь ҿыцқәа
Мшаԥымза 10, 2026 шықәса рзы Берлин акультуратә диалог атмосферала Ернст Теодор Амадеи Гофман диижьҭеи 250-шықәса аҵра иазкыз Германиа-Урыстәылатәи афорум ааԥынтәи академиа (Deutsch-Russisches Forum e.V.) аусмҩаԥгатә мҩаԥысит
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Ареспублика Даӷьсҭан иҟалаз аӡхыҵрақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа инарымаданы гәалсра дула ирыдышшылоит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистррахь адныҳәаларатә нота нанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа Амш инамаданы.
Мшаԥы 3-5 рзы Германиа амшаԥныҳәақәа раамҭазы Бад-Тельц ақалақь аҿы (Миунхен азааигәара) имҩаԥысит Европа ачерқьес-аԥсуа диаспора итрадициатәу рфестиваль. Ас еиԥш аиԥыларақәа хықәкыс ирымоуп традициала еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵаркуа адиаспора реидкылара.
4 April 2026 57
Аҟәа ақалақь аҿы Аԥснытәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны - ԥхьаҟатәи аинвестициақәа» аихшьаалақәа ҟарҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц М.В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Виктор Садовничи имшира идиныҳәалеит.
3 April 2026 47
Афорум еиҿкаауп аекономикатә усеицура аҿиара, ареспублика аинвестициатә потенциал аарԥшра, аинвестициақәа радыԥхьалара, Аԥсны аҳәынҭқарра адәныҟаекономикатә еимадарақәа рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны. Апрограмма 2-мш аҵанакуеит – апленартә еилатәарақәа аартра амши аихшьаалақәа рыҟаҵареи амши. Иара убас Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ахырхарҭа хадақәа рыла астол гьежьқәа мҩаԥгахоит.
2 April 2026 63
Мшаԥы 2 рзы Донецк Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилин Аԥсны Аҳәынҭқаррахь дааит жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны – ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" иҽалаирхәырц.
Никарагуа Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Никарагуа Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Леденев диҭааит.