Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Никарагуа амассатә информациа ахархәагақәа рзы имҩаԥигаз апресс-конференциа атәы

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Никарагуа амассатә информациа ахархәагақәа рзы имҩаԥигаз апресс-конференциа атәы
23 July 2025 581

2025 шықәса ԥхынгәымза 21 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа официалла иаҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Никарагуатәи аинформациатә хархәагақәа рзы апресс-конференциа мҩаԥигеит.

Апресс-конференциаҿы аминистр Ареспублика Никарагуа анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә делегациа алахәылацәа ирзаарԥшыз адкылареи азҿлымҳареи рзы.

Аԥсни Никарагуеи русеицура иахьатәи аҭагылазаашьа ахәшьара аҭо, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаҩы инаҵшьны иазгәеиҭеит: «Ҳҳәынҭқаррабжьаратә еимадара амшхәаԥштә аҽырҭбаара иаҿуп, иҿыцу апроектқәеи аусуратә хырхарҭақәеи рыла еиҳа-еиҳа ихарҭәаахоит.

Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа ҵаҵӷәыс ирымоуп аиқәшаҳаҭратәи азинтәи ашьаҭа ӷәӷәа. Ҳара ҳполитикатә диалог аҿиара, иара убасгьы аҳәынҭқаррабжьаратәи аусбарҭабжьаратәи еимадарақәа рыҟазаара даара ҳаигәырӷьоит» ҳәа.

Аминистр, аинвестициақәеи, ахәаахәҭреи, жәларбжьаратәи аусеицуреи раларҵәаразы Никарагуа ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильои, адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентскеи иареи реиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа хра злоу ҳәа ахәшьара риҭеит.

«Сара агәра ганы сыҟоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Никарагуа аҭаара аҩ-ганктәи аусеицура арӷәӷәареи ҳҳәынҭқаррақәеи ҳжәларқәеи рыбжьара ганрацәалатәи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рзы амч ҿыцқәа шаанаҭо».

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: