Муҳаммад Алии Александр Ефимови Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Урыстәылеи рыцҳаражәҳәарҭақәа русеицура иалацәажәеит

Муҳаммад Алии Александр Ефимови Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Урыстәылеи рыцҳаражәҳәарҭақәа русеицура иалацәажәеит
22 November 2023 128

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимови реиԥылара мҩаԥысит абҵарамза 22 рзы.

Аиԥылараҿы Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Урыстәылеи рыцҳаражәҳәарҭақәа русеицура иалацәажәеит, иара убас ирзааҭгылеит аҩ-ганк рзы аинтерес зҵоу егьырҭ азҵаарақәа жәпакы.

Муҳаммад Али аҩ-тәылак ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорреи аиҩызареи рышьаҭала хра злоу аҿиара рымоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иара азҵаарақәа жәпакы рыла аусеицура дшазхиоу, насгьы аринахысгьы уи шацҵахо азы агәыӷра шимоу иҳәеит.

Александр Ефимов, ахәҭакахьала, аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирыҵоу аҵакы аҷыдара азгәеиҭеит, иара убас аԥснытәи адипломатиатә миссиа Шьамтәыла аусураҿы адгылара шаиҭало азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Аиԥылара далахәын Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашәарҭадаразы абжьгаҩ Гаис Алхараке.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: