Ажәабжь ҿыцқәа
Ԥхынгәы 24, 2022 шықәсазы Шьамтәылатәи ақалақь аль-Скальбиа аҟны ауахәама Аиа-Софиа аартра ацеремониа амҩаԥгараан атеррористцәа ахыбра аракетақәа агәыдырҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос адныҳәаларатә нота изынаишьҭит ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 12-шықәса ахьҵыз инамаданы.
Урыстәыла Амш инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров дидныҳәалеит.
18 May 2022 529
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Рафаель Фариа Тортос идиныҳәалеит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Лугансктәи Жәлар Рреспублика Амш азы адныҳәалара азынанашьҭит Лугансктәи Жәлар Рреспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аԥсны Адәыҟатәи аусқәа рминистрра Донецктәи Жәлар рреспублика Адәыҟатәи аусқәа рминистррахь инанашьҭит ареспублика амшныҳәа аҳаҭыраз адныҳәаларатә шәҟәы.
Аԥсны Адәыҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәыла Адәыҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу рџьынџьуааи рминистррахь инанашьҭит рҳәынҭқарра Ахьыԥшымра амшныҳәа аҳаҭыраз адныҳәаларатә шәҟәы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Александр Ватаман ПМР аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 14 шықәса аҵра идиныҳәалеит.
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит.