Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит
13 September 2018 663
Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аҩҳәынҭқаррак адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 10-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит.

Ахәҭакахьала, Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
“2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵареи уи иашьҭанеиуаз аҩҳәынҭқаррак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылареи, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара иҿыцу аҭоурыхтә аамҭахәҭа аанартит: адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара аҩганктәи аҳәынҭқаррабжьаратәи еизыҟазаашьақәа, астратегиатә еиҩызареи, аҩганк ирзыфеидоу аусеицуреи иҿыцу аимпульс анаҭеит.
Иахьа, 10-шықәса рышьҭахь, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьақәа иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы иҟоуп ҳәа гәадурала иуҳәар алшоит. Ааигәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Џьумка-иҧа Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа ахь иусуратә ҭаареи, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла Ахада Владимир Владимир-иҧа Путини иареи реиҧылара, ҳтәылақәа ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа хра злоу аҟазшьа шрымоу ҩаҧхьа иарҵабыргит. Аҧсны ҳтәылақәа ирыбжьоу аусеицуреи аидгылареи рырҕәҕәара аҿы хаҭала Шәара, Сергеи Викторов-иҧа иинашәыгӡаз ароль ахә ҳаракны иршьоит. Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу аҩганктәи аизыҟазаашьақәа аринахысгьы ҳажәларқәа реизҳазыҕьара иазырхоу атрадициа бзиақәа рыла ишышьаҭаркхо агәра ганы сыҟоуп» ҳәа.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: