Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Науруи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа жәа-шықәса рхыҵуеит

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Науруи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа жәа-шықәса рхыҵуеит
17 December 2019 573
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Ареспублика Науру Адәныҟатәи аусқәеиахәаахәҭреи Рдепартамент ахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара жәа-шықәса рхыҵра инамаданы
Анотаҟны иаҳәоит:
«2009 шықәса ԥхынҷкәын 15 арыцхә Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых аҟны акрызҵазкуа акакәны иҟоуп. Ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи жәа-шықәса ҵуеит. Рацәак идуум аамҭа иалагӡаны ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызара ӷәӷәеи, аҳаҭыреиқәҵареи агәреибагареи шьақәгылеит. Адипломатиатә еизыҟазаашьақәа анҳабжьаҳҵа инаркны аполитикатәи, акультуратәи егьырҭ аусхкқәеи рҟны аинырра мҩаԥысуеит, ҳаизыҟазаашьатә диалог ԥхьаҟагьы арҿиара хықәкны иамоуп».

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: