Ажәабжь ҿыцқәа

Ԥхынгәы 25 азы Каракас, Атуризм аминистрра аштаб-квартираҿ имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу азинмчра змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Боливариантәи Ареспублика Венесуела Атуризм аминистр Али Падрони русутә еиԥылара.
Ԥхынгәы 26 азы Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны аҷыдалкаатәи азинмчи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Акоманданте Фидель Кастро дзаԥхьагылаз Монкада аказармақәа ржәылара 69-шықәса ахыҵра ауснагӡатә далахәын. Ари ажәылароуп Кәыбатәи ареволиуциа шьаҭаны иазыҟалаз
27 July 2022 375 Анотақәа
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Мариа Тортос Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иирамш идиныҳәалеит.
26 July 2022 390 Анотақәа
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатәи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит.
26 July 2022 412 Анотақәа
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иирамш идиныҳәалеит.
26 July 2022 445 Анотақәа
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иирамш идиныҳәалеит.
24 July 2022 463 Анотақәа
Ԥхынгәы 24, 2022 шықәсазы Шьамтәылатәи ақалақь аль-Скальбиа аҟны ауахәама Аиа-Софиа аартра ацеремониа амҩаԥгараан атеррористцәа ахыбра аракетақәа агәыдырҵеит.
23 July 2022 386 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос адныҳәаларатә нота изынаишьҭит ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 12-шықәса ахьҵыз инамаданы.
Ареспублика Никарагуа анапхгара рнаԥхьарала Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Никарагуа Асандинисттә револиуциа 43-шықәса ахыҵраз имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа дрылахәын.
22 July 2022 319
Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос диԥылеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: