Ажәабжь ҿыцқәа

24 July 2022 485 Анотақәа
Ԥхынгәы 24, 2022 шықәсазы Шьамтәылатәи ақалақь аль-Скальбиа аҟны ауахәама Аиа-Софиа аартра ацеремониа амҩаԥгараан атеррористцәа ахыбра аракетақәа агәыдырҵеит.
23 July 2022 421 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос адныҳәаларатә нота изынаишьҭит ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 12-шықәса ахьҵыз инамаданы.
Ареспублика Никарагуа анапхгара рнаԥхьарала Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Никарагуа Асандинисттә револиуциа 43-шықәса ахыҵраз имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа дрылахәын.
22 July 2022 336
Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос диԥылеит.
2022 шықәса ԥхынгәы 20 рзы Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Ареспублика Венесуела ахада Николос Мадуро зхадараҿы дыҟаз аилатәара "Аекономикатә зона ҷыдақәа рзы Азакәан амчра аиура" далахәын.
20 July 2022 524
Ареспублика Никарагуа анапхгара рнаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа Асандинисттә револиуциа 43-шықәса ахыҵраз имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа дрылахәын.
2022 шықәса ԥхынгәы 13 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы имҩаԥысит Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини реиԥылара.
8 July 2022 392
Ԥхынгәы 8 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡыинбеи Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотовы реиԥылара.
1 July 2022 469
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев идиныҳәалеит ПМР ААР ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра.
30 June 2022 370
Рашәарамза 30 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Антигуеи Барбудеи Адәныҟатәи аусқәеи, жәларбжьаратәи ахәаахәҭреи, аиммиграциеи рминистр Пол Чет Грини ҭелла еицәажәеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: