Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит Ареспублика Арцах Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, ареспублика Аиҭаҿиара амш инадҳәаланы.
Адныҳәалараҟны иазгәаҭоуп:
«1988 шықәса жәабран 20 рзы Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә республика Жәлар реизара адепутатцәа реилатәара аҭоурыхтә сессиа иазыԥхьагәанаҭеит Ареспублика Арцах ажәлар ԥхьаҟатәи рԥеиԥш. Иҟаз ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа ажәлар иалырхит асуверентә ҳәынҭқарра ашьақәыргылара амҩа. Абри аҭоурыхтә мшы символны ирзыҟалеит аиашара, амилаҭтә акзаара, адоуҳатә гәамч.
Иахьа Арцах аҿиара амҩа иқәуп, аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рҟны узықәгәыӷша партниоруп».