Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дидикылеит Аахыҵ Кавказ ПРООН ахаҭарнак ҷыда Ник Бересфорд

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дидикылеит Аахыҵ Кавказ ПРООН ахаҭарнак ҷыда  Ник Бересфорд
27 October 2021 419

Жьҭаара 27 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистраҿы аминистр Даур Ақаҩба дидикылеит Аахыҵ Кавказ ПРООН ахаҭарнак ҷыда Ник Бересфорд.

Ник Бересфорд ари аҭыԥ аҿы диԥсахит Луиза Винтон.

Даур Ақаҩба Ник Бересфорд изеиӷьеишьеит имаҵзура ҿыц аҿы ақәҿиарақәа, иҳәеит дшақәгәыӷуа русеицура маншәалахап ҳәа. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистрреи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи русеицура аҵак ду шамоу.

Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит реинырреи апроектқәа реицымҩаԥгареи рус аҿы имҩаԥыргараны иҟоу ашьаҿақәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: