Ажәабжь ҿыцқәа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рактуалтә зҵаарақәа рылацәажәаразы усутә визитла Москваҟа дцеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит.
Ԥхынгәы 26 азы Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны аҷыдалкаатәи азинмчи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Акоманданте Фидель Кастро дзаԥхьагылаз Монкада аказармақәа ржәылара 69-шықәса ахыҵра ауснагӡатә далахәын. Ари ажәылароуп Кәыбатәи ареволиуциа шьаҭаны иазыҟалаз
Лаҵара 30 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу  Палестина  азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Абдель Хафиз Нофали еиԥылеит. Аиԥылара аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит.
Жәабран 16 азы Манагуа имҩаԥысит Ареспублика Никарагуа ахь инашьҭу азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Агәраргагатә шәҟәқәа анииҭоз ацеремониа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла ААР аинформациеи акьыԥхьи  рдепартамент адиректор,  Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захаровеи аиԥылара мҩаԥыргеит Москва.
8 February 2022 532
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москваҟа усутә ныҟәарыла амҩа дықәлеит.
7 November 2021 732
Абҵара 7 рзы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Никарагуатәи иколлега Денис Монкадеи реиԥылара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра ацеремониа аҽалархәразы Шьамтәыла иҟоу Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа жьҭаара 5 рзы Дамаск идикылеит Шьамтәылатәи Арабтә республика  ахада Башар Асад.
Аԥснытәи аделегациа Дамаскҟа инеиит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра ацеремониа аҽалархәразы жьҭаара 4 азы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: