Ажәабжь ҿыцқәа

8 March 2026 5
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ҳџьынџьуаа жәларбжьаратәи аҳәса рымш - Хәажәкыра 8 рыдиныҳәалеит. "Жәларбжьаратәи аҳәса рымш - Хәажәкыра 8 азы гәык-ԥсыкала адныҳәаларақәа шәыдышәкыл! Ари ааԥынтәи аныҳәа лаша аԥшӡареи, аҟәыӷареи, аҩныҵҟатәи амчи ирсимволуп.  Ианакәызаалакгьы аҳәса ауаажәларраҿы ароль ҷыда нарыгӡон. Аԥсны аҭоурых аҳәса рхамеигӡареи рымчи рҿырԥштәқәа маҷымкәа иадыруеит. Шәара гәымшәарыла, уаҩ иимбац ахачҳара аашәырԥшуан 1992-1993 шш. раантәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан, анаҩс иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа раангьы аԥышәара хьанҭақәа шәырхысит.   Иахьатәи ҳаамҭазы шәџьабааи, шәҭакԥхықәреи, шәус гәык-ԥсыкала азыҟазаареи ирыбзоураны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы алҵшәа дуқәа аашәырԥшуеит. Убри аан шәара аҭаацәаратә малқәа шәреиҷаҳауа иҵәахны ишәымоуп, ишәзааигәоу шәыԥхарра рыдышәҵоит. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, анасыԥ, аҭынчра. Ес-мшы агәырӷьареи, алшара ҿыцқәеи, аихьӡарақәеи шәзааргалааит. Жәларбжьаратәи аҳәса рымш шәадныҳәалаз!»
7 March 2026 2
Хәажәкырамза 7, 2008 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь «Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакра аԥҵаразы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
6 March 2026 2 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа Рминистр Ахсар Џьиоев иира амш идиныҳәалеит.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рофициалтә Хаҭарнакрақәа рцәыргақәҵатә зал аҿы ПМР зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ Геннади Зыков диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкыз иусумҭақәа рекспозициа еиҵыхуп.
2 March 2026 38
Мрагылара Ааигәа аҭагылазаашьа аибарххара инамаданы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿы иҟоу Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ахыхьчаратә уснагӡатәқәа ирықәныҟәаларц, рыуацәеи дареи аимадара рыбжьазарц, Аԥсны АдәАР иахьыҟоу аҭыԥ азы адырра арҭаларц.
1 March 2026 48
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәа арегион аҿы аҭагылазаашьа аҿиара зҿлымҳарыла иацклаԥшуеит, агәҭынчымра аанарԥшуеит Еиду аштатқәеи Израили Иран аҵакыра иарҭо ажәыларақәа ирыхҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инадҳәаланы.
28 February 2026 38
Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Хьыбла Амҷԥҳа лхы алалырхәит иналукааша апоет, афашизм аҿагылара афырхаҵа Муса Џьалиль дахьыршьыз аҭыԥ аҿы иҟоу амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.
27 February 2026 52
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа есышықәса жәабран 27 рзы иазгәарҭо рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
27 February 2026 46 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит.
Ибрагим Аҩӡбеи Иауз Аҭрышбеи Анкара иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Корицки еиҿикааз аиҩызаратә дкылара рхы аладырхәит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: