Ажәабжь ҿыцқәа

20 December 2022 331
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аколлектив анапхгаҩ ҿыц, Алхас Кәыҵниа, дыдирдырит.
20 December 2022 262
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москваҟаи Минскҟаи усутә ныҟәарыла амҩа дықәлеит актуалра змоу аинырра азҵаарақәа рылацәажәаразы.
2022 шықәса ԥхынҷкәын 19 азы Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала амилаҭтә фырхаҵа Симон Боливар диижьҭеи 192-шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа дрылахәын.
Аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа 2022 шықәса ԥхынҷкәын 15 азы Ареспублика Никарагуа XXXVIII Амилаҭтә Ассамблеиа асессиа аилатәара далахәын.
12 December 2022 272 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.
5 December 2022 383
Афестиваль рхы аладырхәит аконтинентқәа зегьы рҟынтәи 40 тәылы рхаҭарнакцәа. Иаҭааит 25 нызықь инареиҳаны ауаа.
Ԥхынҷкәын 2 азы Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Еиду Арабтә Емиратқәа Рыцҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭалатәи рыгәрага, ЕАЕ Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Абдула Хаким Аль-Нуаими инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭалатәи рыгәрага, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Мухаммед Али ЕАЕ Рмилаҭтә мшы 51 шықәса ахыҵра инадҳәаланы имҩаԥгаз адкылара далахәын.
2 December 2022 394
2022 шықәса ԥхынҷкәын 2 азы Аԥсны ААР аҿы иҟоу Амедиацентр аҟны Аԥсни Приднестровиа Молдавиатәи Ареспубликеи Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистррақәа рыбжьара амеморандум рыбжьарҵеит агәабзиарахьчареи, асоциалтә еиқәыршәареи, асоциалтә хьчареи ахырхарҭала русеицзуразы.
Абҵара 30, 2022 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкааи азинмч нагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Барбадос Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа рзы аамҭалатә гәрага Акинас Џь. Кларк инаԥхьарала ихы алаирхәит Барбадос ахьыԥшымра 56 шықәса ахыҵраз ауснагӡатә.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: