Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩ ҿыц Левент Аҭрышбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмч змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡбеи онлаин реицәажәара.
Абҵара 13 азы Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашьаҭаркразы Аусԥҟа анапаҵаҩра 15 шықәса ахыҵит.
13 November 2023 387
Ареспублика Никарагуа иҟоу азинмчнагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа 6-тәи аекспо-иармарка «Никарагуа анаплакыҩцәа» далахәуп.
9 November 2023 446
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә усзуҩы Леила Ҭаниа лымш иира лыдиныҳәалеит
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректор Денис Гончар адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
6 November 2023 432
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 6 азы. Аилатәара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатәи азинмчи нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҷыдалкаатәи азинмчи нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.
6 November 2023 222
Аԥсуа телерадиоеилахәыра – 45 шықәса раԥхьа, абҵарамза 6, 1978 шықәсазы, ателербагаҟынтә аԥсышәала ҳбызшәа ахьықәнаҩыз, иахьагьы қәҿиаралаҵәҟьа ҳбызшәа ҳауаажәлар иднарҳауеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу азинмчнагӡа змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин идиныҳәалеит Урыстәыла Жәлар ракзаара Амш аныҳәа.
Урыстәыла Жәлар ракзаара Амш аныҳәа инадҳәаланы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь.