Ажәабжь ҿыцқәа

Цәыббрамза 22, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәараан Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи, аҳәаанырцә инхо аџьынџьуааи, жәларбжьаратәи агуманитартә усеицуреи (Россотрудничество) рзы Афедералтә маҵзура анапхгаҩы Игор Чаика диԥылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц усутә визитла Москва ақалақь даҭааит.
18 September 2026 6
Аилацәажәараан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци аминистрра аколлективи имҩаԥырго аусуразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит рҿаԥхьа иқәгыло адҵақәа занааҭдырралеи, ҩаӡара ҳаракылеи, ҭакԥхықәралеи рызнеира.
18 September 2026 8
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак (МККК) Амиссиа ахада Валери Џьемелло диԥылеит.
17 September 2026 48
Цәыббра 13-16 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иҟоу Адипломат ҿарацәа Реидгыла аҟны иҟоу АҿР аделегациа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломат ҿарацәа Рхеилак анапхгара ааԥхьарала иалахәын адипломатцәа ҿарацәа IX Рглобалтә Форум "Абиԥара ҿыц Рдипломатиа: аглобалтә напхгараҭара асистема аиӷьтәраҿы аҿар рроль". Уи мҩаԥысуан Екатеринбург Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аҳәаа иҭагӡаны, Россотрудничество, апрограмма "Абиԥара ҿыц", Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа рыцхыраарала.
Екатеринбург имҩаԥысит жәларбжьаратәи аекспедициа апрограмма аӡыргара, уи мҩаԥгахоит Аԥсны цәыббрамза 17-22 рзы жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль алахәылацәа рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аҳәаанырцәтәи атәылақәа рхаҭарнакцәа Аԥсны иаҭаарц ирыдыркылаз аӡбамҭазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
15 September 2026 91 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра 205 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара азынанашьҭит.
14 September 2026 64
Екатеринбург имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль адәқәа рҿы агастрономиатә фестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аԥснытәи аделегациеи Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, Афестиваль аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы Сергеи Кириенкои Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенкои иформалтәым реиԥылара.
14 September 2026 51
Цәыббрамза 13, 2026 шықәса рзы Екатеринбург, аконгресс-цәыргақәҵатә центр «Екатеринбург-ЕКСПО» аплошьадкаҿы Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: