Ажәабжь ҿыцқәа

Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Хосе Биоморге инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али адокументалтә фильм «Карабобо азы аибашьра» дырбара далахәын.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив агәалсра ду аанарԥшуеит иналукааша алитератор, афилолог, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Фадиль Арҩҭаа иԥсҭазаара иалҵразы.
8 July 2024 178 Анотақәа
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Одиссеи Бигәаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хилиу Пинто адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
2024 шықәса ԥхынгәы 3 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Беларусь азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Андреи Молчан инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Беларусь Ахьыԥшымра Амши афашист мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи 80 шықәса аҵреи ирызкыз ауснагӡатә далахәын.
5 July 2024 215 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Одиссеи Бигәаа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев идиныҳәалеит иира Амш.
Азхьаԥшра аҳҭеит ԥхынгәы 3 азы, Ермантәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Қарҭ усутә ныҟәарыла иҟазаараан Ермантәылеи Қырҭтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Аратат Мирзоиани Илиа Дарчиашьвилии Қырҭтәыла аҵакыратә акзаареи асуверинитети пату рықәҵатәуп ҳәа аҳәамҭа иҟарҵаз.
Ԥхынгәы 2 азы Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа диԥылеит Аԥсны иҟоу Приднестровие ахаҭарнак ҷыда Гарри Кәпалба.
1 July 2024 249 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Одиссеи Бигәаа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев идиныҳәалеит ПМР ААР ашьаҭаркра 32 шықәса ахыҵра.
2024 шықәса рашәара 28 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуелеи Китаии рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара 50 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатә далахәын.
Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 61-тәи рраунд мҩаԥысит 2024 шықәса, рашәара 25-26 рзы. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа, ЕАР, ОБСЕ, ЕХ рыцхантәаҩрала.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: