Лаҵара 15 рзы имҩаԥысит лаҵара 17 рзы иазгәарҭо Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара.
Ауснагӡатә иалахәын: ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, аиҳабыра рлахәылацәеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи, амчра аӡбаратә махәҭа ахаҭарнакцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа, Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба уҳәа егьырҭгьы.
Аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылеит: Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аҳәынҭқарра ахада Бадра Зураб-иԥа Гәынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы иаԥхьаз, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба, Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа, Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы иаԥхьаз; Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы иаԥхьаз, ԥыхьатәи адәныҟатәи аусқәа рминистр, Акультура аминистр Даур Ақаҩба, ААУ «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеориеи» акафедра аиҳабы Есма Гәыргәлиа, ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы иаԥхьаз.
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, Приднестровие Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев, Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске, Урыстәыла иҟоу Венесуела аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ, еилагӡарала Венесуела аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкес рҟынтәи авидеодырраҭарақәа дырбан.
Аныҳәатә еилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аҳаҭыртә хьӡы «Адипломатиатә маҵзура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ», адипломатиатә рангқәа аминистрра аппарат хада аусзуҩцәа ранашьара.