Ажәабжь ҿыцқәа

Ахәылԥаз хацыркхеит Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн анагӡарала. Еизаз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз.
28 September 2026 36
Цәыббрамза 28, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинови реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны иршьыз Амина Бикбова лыуацәеи лҭынхацәеи ирыдышшылоит.
27 September 2026 27
Цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы аԥсуа ар ацәыӡ дуқәа шрымазгьы аӷа иҿагылара иаиааины Аҟәа ахы иақәиҭыртәит. Ари ахҭыс Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ихадоу аетапқәа ируакхеит.
Цәыббра 23 2026 шықәсазы Москва имҩаԥысит Аиааира Амши Ахьыԥшымреи ирызкны ауснагӡатә. Уи еиҿнакааит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа.
Цәыббрамза 23 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 68-тәи рраунд аламҭалазы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара.
Цәыббрамза 22, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәараан Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи, аҳәаанырцә инхо аџьынџьуааи, жәларбжьаратәи агуманитартә усеицуреи (Россотрудничество) рзы Афедералтә маҵзура анапхгаҩы Игор Чаика диԥылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц усутә визитла Москва ақалақь даҭааит.
18 September 2026 59
Аилацәажәараан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци аминистрра аколлективи имҩаԥырго аусуразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит рҿаԥхьа иқәгыло адҵақәа занааҭдырралеи, ҩаӡара ҳаракылеи, ҭакԥхықәралеи рызнеира.
18 September 2026 61
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: