Ажәабжь ҿыцқәа
27 June 2025 55
Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭахь днеит, уаҟа Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али диԥылеит, егьырҭ Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа русура шымҩаԥысуа еиликааит.
Дамаск ақалақь Тишринтәи ахан аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибании реиԥылара мҩаԥысит.
2025 шықәса рашәара 25 азы, Женева ақалақь аҿы, Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд актәи аусуратә мшы аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥсуа ган аԥшьгарала, жәларбжьаратәи аекспертцәа алархәны, ԥкырада аныҟәара атемала аинформациатә сессиа мҩаԥган.
26 June 2025 48
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа азхьанарԥшуеит 30.06.2025ш. азы амчра заураны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра ирыдыркылаз Ақәҵара No1510 «Аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ауааи Урыстәылатәи Афедерациа ралалареи ралҵреи рзы аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи ргәаҭаразы аԥышәара амҩаԥгаразы» (07.11.2024ш.) аганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инанашьҭыз азыҳәа аҭакс адырраҭара шааз.
2025 шықәса рашәара 25 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә Республика усуратә визитла даҭааит. Аминистр дицуп адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба.
2025 шықәса рашәара 23 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, Венесуела ахада ихаҭыԥуаҩ Делси Родригеси адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинтои имҩаԥыргаз изаамҭанытәим аиԥылара ихы алаирхәит.
2025 шықәса рашәара 20 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Бадагдасаров инаԥхьарала аусмҩаԥгатә "Агәалашәара ацәашьы" ихы алаирхәит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 2025 шықәса, рашәара 22 рзы Дамаск ауахәамаҿы иҟалаз атеррористтә қәылара инамаданы Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакрахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 33 шықәса ахыҵра инамаданы адашшылара ҟанаҵеит.