Ажәабжь ҿыцқәа

Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟалаз адгьылҵысра инамаданы адырра ҟаҳҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рыбжьара ааха зауз ҳәа аӡәгьы дшыҟам.
Қырҭтәыла имҩаԥган ашколхәыҷқәа рзы изаамҭанытәиу арҵаратә проект — аицлабра «Аԥсныҟа саныхынҳәуа» захьӡу.
Рашәара 8 рзы Сҭампыл имҩаԥысыз Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа 10-тәи х-ганктәи реиԥылара аихшьаалақәа рыла икьыԥхьыз адекларациа инадҳәаланы иазгәаҳҭоит:
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны азхьаԥшра арҭеит ааигәа Қырҭтәыла иреиҳаӡоу аполитикатә напхгареи адинмаҵзуҩцәеи Қарҭ имҩаԥысуаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа раан иҟарҵаз иаарту рҳәамҭақәа. Аҭынчра ариторика аформа зҽагәылаҳәаны иҳәоу «аидгылареи» «аинышәареи» рзы изаамҭанытәиу адекларациақәа адәныҟатәи анаԥшҩи адунеитә еилазаареи рзы аҭынчра аҽазышәара аҭаххара иаҩызан иахәаԥшыр рылшоит. Аха Аԥсны арҭ аԥарда зҿаршәу атезисқәа ҳажәлар иреалтәу ашәарҭарақәеи аҭоурыхтә ԥышәеи ирнырԥшны ирыдыркылоит.
Мшаԥы 29 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакраҿы имҩаԥысит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровиатәи Аҳәынҭқарратә Университет азиндырратә факультет 4-тәи акурс астудентцәеи реиԥылара.
Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иакьыԥхьыз 2025 шықәсазтәи аҳасабырба Қырҭтәыла ажәытә идеологиатә догмақәа рҽырцәыхьчареи ишьақәгылаз агеополитикатә ҭагылазаашьақәа обиективла ахәшьара рыҭареи шзалымшо даҽазныктәи шьақәырӷәӷәароуп. Адокумент жәашықәсала еизыргаз, аполитизациа зызуу аклишеқәеи апропагандатә штампқәеи реизгоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет адискредитациеи иаанхо арегионалтә ҭышәынтәаламзаара амзыз иашақәа идырны реицакреи хықәкыс иамоуп. Ақырҭуа ган «ампыҵахалара» иазкны ишьақәырӷәӷәам атезис атираж аҟаҵара иаҿуп, идырны иазхьаԥшуам Аҟәеи Москвеи реизыҟазаашьақәа аԥсуа жәлар рхы иақәиҭны ргәаҳәареи рхатәҳәаақәҵаразы рзини шьаҭас измоу зформат наӡоу аҳәынҭқаррабжьаратә партниорра аҟазшьа шрымоу.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра азҿлымҳара анаҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова Қырҭтәыла Европатәи аидгыла алалара ахҟьаԥҟьақәа рганахьала иҟалҵаз аҳәамҭа, Қырҭтәыла ЕС алалара ахҟьаԥҟьақәа рганахьала Урыстәыла апозициа рыцеиҩнашоит.
Мшаԥымза 19, 2026 шықәсазы Урыстәыла раԥхьаӡа акәны иазгәарҭоит агәалашәаратә рыцхә ҿыц - 1941-1945 шш. раантәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан анацистцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи иҟарҵаз асовет жәлар ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара Амш.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Ареспублика Даӷьсҭан иҟалаз аӡхыҵрақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа инарымаданы гәалсра дула ирыдышшылоит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ Иракли Бжьнаа иаанкылареи анаҩстәи ирбаандаҩреи ирыдҳәалоу аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭрала иацклаԥшуеит, урыстәылатәи аган аҟынтә иҟоу аҭагылазаашьа аилкааразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: