Ажәабжь ҿыцқәа
2024 шықәса цәыббра 19 азы Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр еиҿнакааз астол гьыжь «Аԥсны ишәарҭадоуи иҭышәынтәалоуи аҿиара аԥеиԥшқәа рыԥшаараҿы» аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба «Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара адәныҟатә факторқәа» атемала иқәгылара
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭоит Қырҭтәыла Қырҭтәыла анапхгаратә партиа "Грузинская мечта" ахантәаҩы Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла амчрақәа жьҭаара 26 рзы имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа рҟны риааира ашьҭахь 2008 шықәсазтәи аибашьразы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рҿаԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵаразы амчқәа шырыԥшаауа.
Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика шьаҭаркуижьҭеи 34 шықәса аҵра иазкыз аофициалтә дкылара далахәын.
Жәаф шықәса раԥхьа Урыстәылатәи Афедерациа ҳтәыла аганахь ала аҵак ду змаз аӡбра аднакылеит. Нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Дмитри Медведев инапы аҵеиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп ҳәа изшьоз Аусԥҟа.
Еиду амилиҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә Хеилак алахәылацәа – Франциа, Иапониа, Мальта, Словениа, Британиа Ду, Еиду аштатқәа, иара убасгьы ԥхьаҟа уи иалахәылахараны иҟоу – Даниа, Бырзентәыла рыхьӡала Мальта еснагьтәи ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ Франчески Гатт иҳәамҭа ҳазыӡырҩит. Аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи «Қырҭтәыла иузаҟәымыҭхо хәҭоуп» ҳәа, иара убасгьы ааԥхьара ҟаҵоуп Урыстәылахь арҭ аҳәынҭқаррақәа рхьыԥшымра мап ацәнакырц.
Украина арбџьар мчқәа Курсктәи аобласт аҳәаа иахьаԥну иҟарҵаз ақәылара инадҳәаланы Урыстәыла, Курсктәи аобласт аҟны аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа ахшыҩзышьҭра ду аҳҭоит. Игәыхьуп иҭахази ахәрақәа заузи ахьыҟоу.
Азхьаԥшра аҳҭеит ԥхынгәы 3 азы, Ермантәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Қарҭ усутә ныҟәарыла иҟазаараан Ермантәылеи Қырҭтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Аратат Мирзоиани Илиа Дарчиашьвилии Қырҭтәыла аҵакыратә акзаареи асуверинитети пату рықәҵатәуп ҳәа аҳәамҭа иҟарҵаз.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Севастополь ақалақь аҿы аҭыԥ змаз атеррористтә жәылара инадҳәаланы.