Ажәабжь ҿыцқәа

8 August 2024 191 Анотақәа
Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика иаҿагыланы Қырҭтәыла агрессиа амҩаԥгара 16 шықәса ахыҵра инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы азынанашьҭит.
7 August 2024 297
2024 шықәса нанҳәа 7 азы Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив дыдирдырит аминистр ҿыц Сергеи Шамба.
6 August 2024 270
2024 шықәса нанҳәа 6 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵеиҩит Аусԥҟа - Шамба Сергеи Мирон-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵаразы.
Америка Агәанытәи арегион аҿы иреиҳаӡоу Жәларбжьаратәи афестивальқәа иреиуоу «Акультуреи аҟазареи агастрономиеи Жәларбжьаратәи рфестиваль» мҩаԥысит Ареспублика Никарагуа нанҳәамза 3 – 4 рзы.
4 August 2024 270 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н., аминистр ихаҭыԥуаҩ, аҷыдалкаатәии азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Одиссеи Бигәаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатәии азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа иирамш идиныҳәалеит.
Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистрра Адипломатиатә институт адиректор, ацҳаражәҳәаҩ Имад Мусҭафа инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Ацҳаражәҳәарҭа абыжьгаҩ, аконсул Гаис Аль-Харкии шьамтәыла-урыстәылатә еизыҟазаашьақәа 80 шықәса рхыҵра иазку асеминар иалахәын.
25 July 2024 381
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула иаднакылеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа раԥхьатәи ахантәаҩы Феридун (Аксои) Аҟәысба иԥсҭазаара далҵит ҳәа иааҩыз ашәаџь.
24 July 2024 446 Анотақәа
Адныҳәалараҿы иаҳәоит: Аԥсуа жәлар сахьаркыратә ажәала иалкааны ҳӡырызгахьо, апоезиатә ажәа рԥха азҟаза ду, иахьа, акырӡа зҵазкуа Шәиира амш аҽны 75 шықәса шәхыҵра гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н., аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа ԥхынгәы 24 азы идикылеит Ареспублика Башкартастан уаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчзмоу ахаҭарнакс иҟаз Вадим Ақаҩба иԥшәмаԥҳәыс, Валентина Царгәыш, Ареспублика Адыгеиа уаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчзмоу ахаҭарнакс иҟаз Рушьни Быҭәба иԥшәмаԥҳәыс Мзиана Агәхааи
Ԥхынгәы 21 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа идикылеит Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви Венесуелеи Никарагуеи иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Нарим Козаеви.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: