Ажәабжь ҿыцқәа
Рашәарамза 30, 2026 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Женева имҩаԥысуа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд аҳәаақәа ирҭагӡаны аконсультациақәа ирылагеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Женеваҟа инеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд (МӠ) алахәхаразы.
Рашәарамза 30-ԥхынгәымза 1, 2026 шықәса рзы Аԥсны аҳәынҭқарра аделегациа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд (МД3) иалахәхоит.
Рашәара 25 рзы Берлин имҩаԥысит еицырдыруа аполитолог, аҭоурыхҭҵааҩ Александр Рар инапхгарала Евразиатәи ауаажәларра аԥхынтәи руснагӡатә, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит жәларбжьаратәи амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәа ирызку аимак-аиҿак.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто дидышшылеит Венесуела иҟалаз адгьылҵысра инадҳәаланы.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟалаз адгьылҵысра инамаданы адырра ҟаҳҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рыбжьара ааха зауз ҳәа аӡәгьы дшыҟам.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа иира амш идиныҳәалеит.
Рашәара 22 рзы Берлин имҩаԥысит анацисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә.
Қырҭтәыла имҩаԥган ашколхәыҷқәа рзы изаамҭанытәиу арҵаратә проект — аицлабра «Аԥсныҟа саныхынҳәуа» захьӡу.