Ажәабжь ҿыцқәа

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али лаҵарамза 28 рзы Шьамтәыла иҟоу Алада Африкатәи Ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Барри Филлип Гилдер диԥылеит. Аиԥылара аҿы аганқәа Ацҳаражәҳәарҭақәа русеицура алшарақәа, иара убас аҩҳәынҭқаррак рыжәларқәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
2023 шықәса мшаԥы 26 азы имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи аилахәыра TELESUR ахада Патрисиа Вильегаси реиԥылара.
Хәажәкыра 29 азы Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа Ацҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит амшын Амш 144 шықәса ахыҵра иадҳәалоу ауснагӡатә.
Урыстәыла, Москва, Кремль Азал ду аҟны азинмчнагӡеи аҷыдалкаамчреи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа 2023 шықәса мшаԥымза 5 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭоит.
Хәажәкыра 21 азы Аҳәынҭқарра Палестина Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит ауснагӡатә – Палестина акультуреи адгьыли Рымш.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Ливантәи Ареспубликеи Афганистани иҟоуп.
2023 шықәса хәажәкыра 9 азы Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа далахәын афотоцәыргақәҵа "Венесуэла не угроза, Венесуэла – надежда" аартра.
2023 шықәса хәажәкыра 5 азы Ареспублика Доминикана Адәныҟатәи аусқәа рминистр Роберто Маркаие Абреу инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа далахәын Доминиканатәи Ареспублика ахьыԥшымра 179-шықәса ахыҵра.
2023 шықәса хәажәкыра 7 азы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал Микдад диԥылеит.
2023 шықәса хәажәкыра 5 азы Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа далахәын команданте Уго Чавес иԥсҭазаара далҵижьҭеи жәашықәса аҵра иазкыз ауснагӡатә «Всемирной встречи за актуальность боливарианских идей революционного лидера в XXI веке».
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: