Ажәабжь ҿыцқәа

Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Иммад Ҳамиси Аԥснытәи аделегациеи аиԥылара рыман 2017 шықәса нанҳәа 21 рзы.
21 August 2017 924
Жәларбжьаратәи ааглыхратә цәыргақәҵа, Дамаск ақалақь аҟны имҩаԥысуаз, атеррористцәа аехсит. АИХ (СМИ) рдырраҭарақәа рыла ԥшьҩык аҭааҩцәа ҭахеит, ԥышьҩык ахәрақәа роуит аракетатә снариадқәа ахьрылаҳаз инамаданы. Абри аан Аԥсны атәылауаа ԥырхага рмоуит.
21 August 2017 1422
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Приднестровие иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Гарри Кәыпалба имшира идиныҳәалеит.
2017 шықәса нанҳәа 12 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Арреас иԥылара далахәын.
14 August 2017 1043
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амш аҽны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны иҟоу Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аибашьра цон 413 мши-ҵхи.
10 August 2017 910
Нанҳәа 9 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилаки раԥшьгарала Шьамтәылатәи Арабтә Республикахь гуманитартә цхыраагӡак аҳасаб ала 12 тонна аӡыржәтә рышьҭит. Аӡы амҩангараан ацхыраара руеит Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә мчрақәа рштаб хадеи Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрреи.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқаррахь усутә визитла иаара ақырҭуа напхгара агәҭынчымра рызнарҵысит.
4 August 2017 823
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ахада ихьӡ иадҳәалоу анапхаҵа сааҭ ҳамҭас ииҭеит ҧаса Ҭырқәтәыла иҟаз Амчнаӡа змаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнак Инар Гыцба, иусураан Ҭырқәтәыла Ареспубликаҟны иҟоу аҧсуа диаспореи Аҧсны ауааҧсыреи реизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҕәҕәареи рыҟны илагаламҭазы.
4 August 2017 987 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи Ареспублика Никарагуеи иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Ӷәазаа Заур Константин-иԥа имшира инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
3 August 2017 723 Анотақәа
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат дидныҳәалеит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дахьыҟарҵаз инадҳәаланы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: