Даур Ақаҩба 2017 шықәсатәи ашықәс аихшьаалақәа ҟазҵоз апресс-конференциа мҩаԥигеит

Даур Ақаҩба 2017 шықәсатәи ашықәс аихшьаалақәа ҟазҵоз апресс-конференциа мҩаԥигеит
27 December 2017 868
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба имҩаҧигаз апресс-конференциа аҿы ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Аконференциаҟны ирылацәажәан аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа. Урҭ ԥхьаҟагьы рырҿиаразы аҵак ду рыманы иҟоуп атәылақәа рыҩба рхадацәа реизыҟазаашьақәа, реинырра. Ҷыдала Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит 2017 шықәса нанҳәамзазы Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи иареи реиԥылара атәы. Иара убасгьы 2017 шықәса мшаԥымзазы Аԥсны даҭааны дыҟан Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Уи ара иҟазаараан иаартын Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа дырзааҭгыло Даур Ақаҩба иҳәеит уи аформат ԥхьаҟагьы аус аулар шакәу, избанзар иароуп аԥсуа ган иҟанаҵо аинформациа ишиашоу иахьроуа ҳәа.

Итрадициатәу атемақәа инарҷыданы, Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан ҷыдала азхьаԥшра арҭоит Аԥсныи Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра.
Иара убас, иқәыргылоу азҵаарақәа ируакуп хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы аусура амҩаԥгара, аибашьра аан Аԥсны иацәыӡыз акультуратә, архивтә документқәа рыргьежьра..

Иқәгылоу азҵаарақәа рахьтә имаҷым азҿлымҳара амоуп Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа рганахь ала Европа имҩаԥнаго идискриминациатәу авизатә политика. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаҩратә шәҟәқәа разхаҵаразы азҵаара ықәыргылоуп. Абарҭ азҵаарақәа зегьы иаразнакы рыӡбра шалымшогьы иҟоуп агәыӷра аамҭа-аамҭала иӡбахап ҳәа.

Аминистр иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи ааамҭазы ацәажәара ду зхылҵыз, шотландиатәи ақалақь Килмарнок аҿы здемонтаж мҩаҧгаз  Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәразы иргылаз абаҟа еиҭашьақәыргылоуп. “Абаҟа уаанӡа иахьгылаз аҭыҧ ахь иргьежьны ҩаҧхьа еиҭашьақәыргылоуп. Ауаа ргәалашәара ишабалак уазныҟәар ҟалом. Женеватәи аилацәажәарақәа имҩаҧгаз араунд аҿы уи ацхантәаҩцәа Великобританиа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа рыҽрымаданы уи уаанӡа иахьгылаз аҭыҧ ахь ишыргьежьу азы аилкаара шрылшаз азы адырра ҟарҵеит”, – ҳәа иҳәеит Даур Ақаҩба.

Иара убас, аминистр Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иаҵанакуа Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи аҳәынҭқарратә Университети русеицура атәы еиҭеиҳәеит. Даур Ақаҩба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, есышықәса Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы аҧснытәи абитуриентцәа рзы ахықәкытә ҭыҧқәа 5 аиуоит. “Аҧснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа иҧылараан ҳара  иааиуа ашықәс инаркны Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи аҳәынҭқарратә Университет (МГИМО) иҭало абитуриентцәа рзы аҧышәарақәа ААУ аҿы амҩаҧгара азы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Ҳара Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра абаза аҿы адкыларатә ҧышәарақәа рыҭира апрактика ҳацәхьаҵуеит. Ибзиаӡоу апрофессор-рҵаҩратә еилазаара ахьыҟоу иреиҳаӡоу аҵараиурҭа ахьҳамоу ҳасаб азуны, сара уи хра злоу ӡбамҭаны исыҧхьаӡоит. Уажәшьҭарнахыс иаауа алемитқәа зегьы ауниверситет ахь идәықәаҳҵалоит. Уаҟа еиҿкаахоит адкыларатә комиссиа алҧшааратә ҧышәарақәагьы мҩаҧыргоит. Убарҭ аусмҩаҧгатәқәа зегьы реихшьаалақәа рыла, Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи аҳәынҭқарратә Институт ахь анаҩс идәықәаҳҵо 5-ҩык ауаа алкаахоит.

"Ҳусбарҭа аусура хырхарҭа хадақәаны иҟоуп аԥсуа аурыс еиҩызара арӷәӷәара, аимадара ҿыҵкәа апҵара, асоциал-економикатә ҿиаразы аизыҟазаашьақәа рыԥҵара уҳәа. Сынтәатәи ашықәса иалагӡаны нап  аҵаҩын 130 еиқәшаҳаҭра", — иҳәеит Даур Ақаҩба.



Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: