Ажәабжь ҿыцқәа

4 November 2023 204 Анотақәа
Урыстәыла Жәлар ракзаара Амш аныҳәа инадҳәаланы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь.
3 November 2023 198
Инал Арӡынбеи «Аекономикатә ҿиара Жәларбжьаратәи Ассоциациа» ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Олег Фирери онлаин-еиҿцәажәара мҩаԥыргеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынби азинмчнагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡбеи алацәажәеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рнырра азҵаара.  
Жьҭаара 31 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит авиеилахәыра Боливиатәи авиациа ареис ҿыц аартра ацеремониа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Мишель инаԥхьарала.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа ала Али Муҳаммад Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп.
Ареспублика Никарагуа аҿы аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа карибтәи арегион акультуреи аҟазареи рфестиваль даҭааит.
Ареспублика Никарагуа аҿы аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Аурыс кино амчыбжь аартра даҭааит Манагуа ақалақь аҿы.
Ареспублика Никарагуа аҿы аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа еицырдыруа никарагуатәи асахьаҭыхыҩ, ашәаҳәаҩ, ашәақәа равтор Марио Монтенегро ицәыргақәҵа даҭааит.
2023 шықәса жьҭаара 7 азы Берлин имҩаԥысит ацәыргақәҵа «Сергей Рахманинов - Фёдор Шаляпин: параллели и пересечения».
27 October 2023 99
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Белоруссиа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Борис Грызлови еиԥылеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: