Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр Аҟәа иаартын

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр Аҟәа иаартын
29 March 2022 311

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр Аҟәа иаартын аҩаша хәажәкыра 29 рзы.

Амедиацентр аартра иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, амедиагәыԥ "Россия сегодня", ателеканал RT рредактор хада Маргарита Симониан, акинорежиссер, актер, апродиусер Тигран Кеосаиан, Аԥсны иҟоу Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиеи рыцҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа Максим Литвинов, Олег Боциев, Гарри Купалба.

Аԥсны АА рминистр Инал Арӡынба иазгәеиҭеит амедиацентр ахықәкы хада-жәларбжьаратәи аинформациатә политика арӷәӷәара шакәу.

"Ҳаҭыр зқәу асасцәа, АИХ-қәа рхаҭарнакцәа, иахьа инаркны ҳусура хацҳаркуеит. Ҳхыкқәеи ҳхыдҵақәеи ируакуп - иахьатәи аамҭазы аинформациатә политика аҽалархәра. Ишеилаҳкаауа ала, зҽеиҭазкуа адунеи аҟны аинформациа ароль ӷәӷәоуп. Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ари ахырхарҭаҿы лҵшәа бзиала аус ааулоит, Аԥсны ахьӡ ашьҭыхразы", - иҳәеит Арӡынба.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аԥсны ахьӡ-аԥша ашьҭыхраҿы амедиацентр аартра аҵакы шдуу.

"Сгәыӷәуеит, амедиацентр аартра ашьҭахь ҳтәыла ахыԥша хьыӡла бзиала адунеи аҟны инеиҩлап ҳәа", - иҳәеит иара.

Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан иҭабуп ҳәа ралҳәеит иаадырԥшыз асасдкыларазы, иагьазгәалҭеит Аԥсны адунеи зегь аҟны аӡбахә раҳарц шақәнагоу, ауаа зегьы ирдырыр шакәу "ари атәыла шаҟа иԥшӡоу, адунеи аҿы ҽакы ишузаламырҩашьо".

Арежиссиор Тигран Кеосаиан инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны иазку аинформациа аларҵәара хымԥада ишаҭаху.

" Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит Урыстәыла иахьабалак ирдырырц ижәытәӡоу, оумакала иԥшӡоу атәыла аӡбахә раҳарц", - иҳәеит иара.

Амедиацентр аԥҵоуп аплатформа "Аԥсны аԥеиԥш" адгыларала, уи аусура ҳәаақәиҵалоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. Амедиацентр аус аулоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аинформациеи акьыԥхьи рдепартамент ацхыраарала.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: