Аԥснытәи адипломатцәа наԥшҩык иҳасаб ала Шьамтәылатәи алхрақәа ирылахәуп

Аԥснытәи адипломатцәа наԥшҩык иҳасаб ала Шьамтәылатәи алхрақәа ирылахәуп
26 May 2021 367

Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада иалхра мҩаԥысуеит иахьа, лаҵара 26 рзы. Аԥсны ахаҭарнакцәа алхрақәа рымҩаԥысшьа жәларбжьаратә наԥшыҩцәак рыҳасаб ала иахылаԥшуеит. Анаԥшыҩцәа неины иҟоуп иара убасгьы Урыстәылантә, Алада Уаԥстәылантә, Китаинтә, Иранынтә, Иракынтә, Беларусиантә.

Ахадаразы еиндаҭлоит хҩык акандидатцәа: иахьатәи ахада, апартиа БААС амаӡаныҟәгаҩ хада Башар Асад, аҩнуҵҟатә оппозициа акандидат Махмуд Ахмед Мерии, асоциалисттә партиа уаанӡатәи адепутат Абдаллах Саллиум Абдаллах.

Аԥсны ахьӡала наԥшыҩцәас иҟоуп: Шьамтәылатәи Арабтә республика аҟны Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба, ацҳаражәҳәаҩ ицхырааҩ Кутеиба Фом Хасан, Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Жанбу Абаза Агрба.

Баграт Хәытаба иажәақәа рыла бжьыҭирҭаҭыԥ-цыԥхьаӡа хҩык-ԥшьҩык анаԥшыҩцәа ыҟоуп. Аԥснытәи анаԥшыҩцәа х-бжьыҭирҭаҭыԥк рҿы рус мҩаԥыргоит.

Аҵыхәтәантәи алхрақәа мҩаԥган 2014 шықәсазы. Башар Асад 88,7% алхыҩцәа рыбжьы иоуит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: