Ажәабжь ҿыцқәа

1 October 2025 89
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи аколлективи 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа ахьгылоу Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит.
1 October 2025 125
2025 шықәса цәыббра 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иазгәарҭоит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы (1992-1993) Аиааира агара 32 шықәса ахыҵра.
Цәыббра 25-26 рзы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьагаҩ Алиас Аибеи, Амилаҭтә полициеи ашьаҭаркра 46 шықәса ахыҵраз аусмҩаԥгатәи аполициаа рпарад "Акзаара. Амчра. Аиааира." ирылахәын.
29 September 2025 110
2025 шықәса цәыббрамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Аҟәа ақалақь, Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуаз Афедералтә ҵарадырратә марафон "Адырра. Аԥхьагылаҩцәа" аартраан дықәгылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиеи, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра Адәныҟатәи ахәаахәҭразы Урыстәылазегьтәи академиа Жәларбжьаратәи азин акафедра апрофессор Анаит Смбатиани реиԥылара мҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы. Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәагьы.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥшьатәарҭа Цқьа (Ватикан) Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Дамаск ақалақь аҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә далахәын.
2025 шықәса цәыббра 24 рзы Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи рхы аладырхәит Урыстәылатәи арегион ҿыцқәа – Донецктәи жәлар Рреспублика, Лугансктәи жәлар Рреспублика, Запорожиеи Херсонтәии аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа иахәҭакны рыдыркылара Ареспублика Никарагуа иахьазханаҵаз иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә иалахәын.
23 September 2025 169
Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа Олег Барцыци Сергеи Лаврови реиԥылара жьҭаарамза 1 азы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп.
Цәыббра 22 рзы Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, 2025-2026 шықәсқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аурыс бызшәазы аҽазыҟаҵаратә курсқәа рҿы аҵара рҵарц азы Аԥсныҟа идәықәлаз шьамтәылатәи астудентцәа мҩаԥыргеит.
21 September 2025 106
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, еицырдыруа аҵарауаҩ Станислав Лакоба рыцҳарала иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: