Ажәабжь ҿыцқәа

1 October 2024 71
Жьҭаара 1 2024 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Анастасиа Удальцовеи реиԥылара. Аиԥылара далахәын Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев адипломат идиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. «Иахьа ҳаиашьаратә республика, Аԥсны ажәлар иазгәарҭоит рныҳәа хада - Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Ҳара Аԥсныҟа адныҳәалара ҳашьҭит. Иаҳҭахуп шәаргьы ҳшәыдныҳәаларц, Аԥсны ажәлар  рҟынӡа иҳазнажәгарц ҳажәа ҟәандақәа, иҟаҳҵо азеиӷьашьарақәа» ҳәа иҳәеит Алан Гаглоев.
30 September 2024 105
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аколлектива алахәын 1992-1993шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Аҟәатәи Ахьӡ-аԥша апарк аҿы игылоу рмемориал аҿаԥхьа ашәҭшьықәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла апартиа хада "Грузинская мечта - Демократическая Грузия" амаӡаныҟәгаҩ хада Каха Калаӡе Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Қарҭ Москва иаднагалоит ажәа аҟынтәи аус ахь ииасырц ҳәа ииҳәаз ашьҭахь Қарҭ Урыстәыла иаднагало азы иажәақәа рҭак ҟанаҵеит.
27 September 2024 118
Цәыббра 27 азы иҵит Аҟәа ахақәиҭтәра 31 шықәса ахыҵра. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы аоперациа 12-мшы ицон. Напхгара арҭон атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Султан Сосналиеви Арбџьар мчқәа Рыштаб хада аиҳабы, аинрал-маиор Сергеи Дбари.
27 September 2024 76
Аиԥылараан Одиссеи Бигәаа Александр Непрошин ианеишьеит аиубилеитә медал «Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵуеит».Цәыббра 27 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи аҵарауаҩ, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, ашәҟәы «Аԥсны.Аҳәынҭқарреи асуверенитети рзинтә шьаҭақәа» авторцәа ируаӡәку Александр Непрошины реиԥылара. Аиԥылараан Одиссеи Бигәаа Александр Непрошин ианеишьеит аиубилеитә медал «Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵуеит».
Аԥсны АдәАР аҟны азхьаԥшра аҳҭеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАА Ассамблеиа хада 79-тәиасессиаҿы 2024 шықәса цәыббра 25 азы иқәгылара.
2024 шықәса цәыббра 25 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Саудтәи Аравиа Акралра Амилаҭтә мшы 94-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуаз ауснагӡатә ихы алаирхәит.
24 September 2024 160
Цәыббра 24 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр Сергеи Шамбеи Донбасс ацхрааразы Иаку аштаб анапхгаҩы Вадим Мироненкои реиԥылара.
2024 шықәса цәыббра 20 аҽны Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела аомбундсмен Альфредо Хосе Руиса Ангуло инаԥхьарала Жәларбжьаратәи аҭынчра Амш амҩаԥгара далахәын.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: