Ажәабжь ҿыцқәа
2 February 2026 23
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц идҵала, Никарагуа Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩыс иҟаз Аиба Алиас Даур-иԥа аамҭала Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп, Никарагуа Ареспубликаҿы Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц далырхаанӡа.
2 February 2026 16
Аԥсны ахада Бадра Гәынба аусԥҟа инапы аҵеиҩит Инар Ладариа Никарагуа Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәызарц.
31 January 2026 19
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аинформациатә маҵзура «Аԥсныпресс» аредактор хада Манана Гәыргәлиеи амаҵзура аколлективи аусбарҭа шьаҭаркуижьҭеи 31-шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.
Ажьырныҳәамза 28, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо Делси Родригес Гомес лҭоубашьҭаҵара аофициалтә церемониа ихы алаирхәит.
21 January 2026 95
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц идҵала Барзаниа Алиса Џьамал-иԥҳа Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп.
Ажьырныҳәа 20 рзы ПМР Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви ПМР иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани русуратә еиԥылара.
2026 шықәса ажьырныҳәамза 15 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо Дельси Родригес Гомес иҟалҵоз есышықәсатәи анашьҭымҭа иазкыз аилатәара ҷыда ихы алаирхәит.
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иира Амш идиныҳәалеит.