Ажәабжь ҿыцқәа
2025 шықәса рашәара 25 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә Республика усуратә визитла даҭааит. Аминистр дицуп адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба.
2025 шықәса рашәара 23 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, Венесуела ахада ихаҭыԥуаҩ Делси Родригеси адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинтои имҩаԥыргаз изаамҭанытәим аиԥылара ихы алаирхәит.
2025 шықәса рашәара 20 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Бадагдасаров инаԥхьарала аусмҩаԥгатә "Агәалашәара ацәашьы" ихы алаирхәит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 2025 шықәса, рашәара 22 рзы Дамаск ауахәамаҿы иҟалаз атеррористтә қәылара инамаданы Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакрахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 33 шықәса ахыҵра инамаданы адашшылара ҟанаҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 33 шықәса ахыҵра инамаданы адашшылара ҟанаҵеит.
16 June 2025 237
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин ииубилеи идиныҳәалеит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Леденев инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Урыстәыла Амш иазкыз ауснагӡатә иалахәын.